Арадио

Ҳашыг Кәыдры аҭарцәраан ажурналистцәа русушьа иазкны: аихьӡара зцыз мшқәоуп

Ателеканал "Абаза-ТВ" адиректор хада Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит нанҳәа 2008 шықәсазы ҳархәҭақәа Кәыдры аиҩхаа ақырҭцәа рҟынтә ианҭадырцәуаз ажурналистцәа русушьа атәы.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг ажурналистцәа русура Кәыдры аҭарцәраан

"Сара гәахәарыла исгәалашәоит аус зцызуаз аколлектив урҭ амшқәа рзы русушьа атәы. Ауаҩы ирҿиаратә ҟазара иацыиҵарц анилшо, аҽыуаҩ аҽы данақәтәо, мамзаргьы, аӡсаҩы аӡы дынӡаалалак ауп. Убри аҟнытә, ажурналистгьы ихы аарԥшра анилшо аҭыхратә ҭыԥ аҿы даннеилак ауп, усҟан ауп аусуразы дшазыҟаҵоу анеилукаауа.  Урҭ  ахҭыскәа сара аинформациа аганахьала, еихьӡара зцу хҭысқәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.