Пицунда имҩаԥысит агәыҳалалратә хәылԥазы

V есышықәсатәи агәыҳалалратә концерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Пицунда. Аконцерти ирҭиз аусумҭақәеи рыхәԥса агәыҳалалратә фонд "Ашана" иазырхахоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13— Sputnik, Асҭанда Арӡынба. V есышықәсатәи агәыҳалалратә концерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Пицунда. Уажәазы арҭ аԥарақәа ԥшьышықәса зхыҵуа Мирославы Колбаиа лыхәышәтәра иазкхоит. Лара Москватәи ахәыҷтәы-хаҿытә хирургиа ацентр аҟны зыхәԥс адуу аоперациа лзырураны дыҟоуп.

Пицунда агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит

Сынтәа хәынтәуп ареспублика иналукааша артистцәа агәыҳалалратә концертқәа Пицунда имҩаԥыргоижьҭеи. Ииасыз ашықәсқәа рзы иааидкыланы миллионки бжаки рҟынӡа аԥара еизганы ахәыҷ чымазцәа ирыҭан.

"Агәыҳалалратә концертқәа традициак аҳасаб ала ишьақәгылеит", — лҳәоит афонд адиректор Мактина Џьынџьал.

Апианиноарҳәаҩы Барас Кәыџба игәаанагарала ацхыраара аҭашьақәа рацәоуп. Иара хаҭала апроект хышықәсоуп далахәуижьҭеи.

"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит ҳҟазара ауаа рыргәырӷьара адагьы реиқәырхара ахьалшо" — иҳәоит иара.

Асоциал-культуратә аԥшьгамҭақәа рфонд ашьаҭаркыҩ, апроект автор Азамаҭ Багаҭелиа иазгәеиҭоит ауаа еиҳа-еиҳа агәыҳалалра рыҽшаладырхәуа, аиҳаракгьы акурорттә сезон аан.

2017 шықәса рзы апроект Урыстәылатәи аԥхьахә анашьахеит асоциалтә проектқәа ркатегориа "Благотворительность" ала. Багаҭелиа иажәақәа рыла абри амш аҽны еиҳа идуу аилахәырақәеи аиҿкаарақәеи афонд иахырыԥхьаӡалоит аԥара.

Уи адагьы абри амш азы имҩаԥыргоит асахьақәа рцәыргақәҵа-ҭирҭа. Аекспозициа иалахәуп агалереиа "ШАЗИНА", Мариа Ԥлиа лстудиа ахәыҷқәа русумҭақәа, афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рсахьақәа, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Диана Гәбаз, Адгәыр Ԥлиа, Саид Возба русумҭақәа.