Селинджер иҩымҭақәа бзиа избоз арԥыс Ԥсоу дааныркылеит

Жәиԥшь шықәса зхыҵуаз арԥыс урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа ахысра шигәҭакыз дааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥснытәи арԥыс аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада дахысырц шигәҭакыз дныркылеит. Иара Ԥсоу аӡиас арра иҽазишәон данааныркылоз. Абри атәы аанацҳауеит "Живая Кубань".

Иара аӡы дзырсуаз уаҩ дахьиԥырхагам, иахьҭынчроу днатәаны Селинджер иҩымҭа "Над пропастью во ржи" даԥхьарц акәын. Азакәан еилазгоит ҳәагьы сыҟамызт иҳәоит иара.

Аҳәаахьчаҩцәа ишәыраҿ ирбеит иара убри аҩымҭа.

"Урыстәылатәи азакәанԥҵарала иара иқәра ахьынаӡам инадҳәаланы Аԥснытәи аган ахь дрырҭеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Америкатәи алитература абзиабаҩ қәыԥш Аԥсныҟа дырхынҳәын.