Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аб Никита нанҳәатәи ачгара иазкны
© Sputnik
"Нанҳәатәи ачгара амшаԥтәи ашьҭахь зегь реиҳа иџьбароу ҳәа иԥхьаӡоуп. Нанҳәамза 19 рзы аԥсыӡ уфар ҟалоит, ари амш ныҳәоуп, "Анцәа иҽеиҭакра" ҳәа иашьҭоуп. Сызхагылоу ауахәама уи аныҳәа ахьыӡ ахуп, уи амш аҽны Ҳазшаз имаҵаҩцәа зегьы уахь инеиуеит. Аҿбаара егьырҭ амшқәа рзы иаҭахуп аҽынкылара, афатә аганахь ала мацара акәым, аиашақьырсиандихаҵаҩцәа рыҽҽынкылар ауп бызла, лымҳала, блала. Ачгараан иҟалаӡом хаҵацара, мамзаргьы ԥҳәыс аагара, иара убасгьы агәыргьын рыхгара азин ыҟам ", — ҳәа азгәеиҭеит Аб Никита.