Бганба: Арӡынба "Гамсахәрдиа еиԥш абункер сҭоуртәарц уҭахыума" иҳәон

Ҭенгиз Қиҭовани зхадараҿы дыҟаз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа аихамҩа ахьчараҳәа аҽыӡга ҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иҭалеит. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиа аҽалархәразы аҽазыҟаҵара даҿын, ақырҭцәа роперациақәа ртәыҳәа акгьы издыруамызт, ҳәа еиҭеиҳәоит Владислав Арӡынба ихьчараз амаҵзура аиҳабы Витали Бганба.

Хра злоу ахҭысқәа: Бганба аибашьра раԥхьатәи амш иазкны

"Ешыраҟа Арӡынба иаагаразы амҩа ҳанықәла ҳмашьына аномер змамыз УАЗ шашьҭаҩоз збеит. Ҳара уаанӡа адырра ҳарҭахьан ақырҭцәа шәышьҭашәарыцоит ҳәа, ибзиамыз џьара ак шыҟаз сцәа ианыруан. Ус сара избеит амашьына иҭатәаз бџьарла ишеибыҭаз", — иҳәоит иара.

Витали Бганба УАЗ аԥсҟы зкыз дидырит. Уи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ Зурик Хорава иакәын. Ахада ихьчаҩцәа амашьына аанкыланы, иҭатәаз ирарҳәеит Гәымсҭатәи ацҳаҿы ишырзыԥшу рҩызцәа. Уи ацҳа ианаақәла ишреихсуа- убас анреиҳәа ашьҭахь ирышьҭаз амашьына рыцрыҵит.

Витали Бганба Sputnik иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Нас ауп ианеилыскаа амашьына иҭатәаз адҵа шрымаз, Ахада дыршьырц ма дырӷьычырц", — иҳәеит Бганба.

Бганба иажәақәа рыла, уи ахҭыс Арӡынба изеиҭарымҳәаӡеит. Иара Ешырантәи Аҟәаҟа дрыманы амҩа иқәлеит.

"Аҟәа ҳаалалоны еиԥш аҭел абжьы геит. Сергеи Багаԥшь дазҵаауан ҳахьыҟоу, иҳәеит ақырҭуа архәҭақәа аҳәаа ишахысызгьы иҳәеит. Сара Арӡынба Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбрахь дназгеит. Ахьчаҩцәа адҵа рысҭеит ақырҭуа журналистцәа иааигәа инармышьҭырц" — иҳәеит Бганба.

Абри ашьҭахь рацәак мҵыцкәа Ацҳа ҟаԥшь аҟны аиҿахысра иалагеит, асессиаҿ акәзар ақырҭуа депутатцәеи аԥсуа депутатцәеи еиҿагылан. Аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аҽарххон. Арӡынба иҭынхацәа ахыбра идәылгара иаҳәон, аха иара иуамызт.

"Сара сиҳәеит аҽа хыбрак ахь диасырц. "Изакәызеи, Гамсахәрдиа иеиԥш абункер сҭоуртәарц уаҿума?" иҳәеит иара, — Ацҳа ҟаԥшь ахь ҳцароуп иҳәеит. Изулак уи даԥхьсырҟәҟәааит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Бганба.

Ҳашыг: Владислав Арӡынба еснагь ахьӡи ахьымӡӷи дрызхәыцуан

Арӡынба акырынтә иҽазишәеит Борис Ельцин иҽимадан аҭагылазаашьа изеиҭеиҳәарц аха уи зыҟамлеит. Москва Ельцин зны дыҟам рҳәон, зны деилахоуп рҳәон.

"Сара урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рҟынтәи ишиашоу ицо аҭел ала, Ельцин диацәажәарц идызгалеит. Аха уаҟагьы ирулак абри аицәажәара еиԥдырҟьеит", — ҳәа игәалаиршәоит иара.

Нанҳәа 15 рзы Владислав Арӡынба Гәдоуҭаҟа днеиит. Москваҟа аҭел асра анзалымша Бганба иҽазишәеит аидгылатә республикақәа рхадацәа рыҽрымадара. Аԥснынтәи аҭел аҭак ҟазҵаз драԥхьатәиуп Нурсултан Назарбаев.

"Назарбаев аҭел сизасуа салагеит, иреферент исеиҳәеит сааҭбжак ашьҭахь сеиҭасырц. Аҩынтәраан аҭел шьҭихит иара Назарбаев ихаҭа. Сгәырӷьацәан иаб ихьӡҵәҟьа схашҭит, нас Владислав исҭеит аҭел, реицәажәаразы", — иҳәоит Бганба.

Аамҭақәак рышьҭахь аидгылатә республикақәа рхадацәа иҟаз шыҟаз рзеиҭаҳәан.

Ҭенгиз Қиҭовани зхадараҿы дыҟаз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа аихамҩа ахьчараҳәа аҿыӡга ҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иҭалеит. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы.

Шықәсык ааҵуаны, цәыббра 30, 1993 шықәса рзы аӷа Аԥсны далцан.