Арадио

Хәаџьааԥҳа афильм "Гәымсҭа нырцә" иазкны: еицызҳаз аҩызцәа рҭоурых аарԥшхоит

Гәымсҭа аӡиас ахықәан, аибашьра иазку акино маҷ аҭыхрақәа мҩаԥысуеит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа.
Sputnik
Хәаџьааԥҳа: аибашьра аветеранцәа ражәабжьқәа рыла акино маҷ ҭаҳхуеит

"Афильм "Гәымсҭа нырцә" асиужет иагәылсны ицоит Аҟәа, шҭак аҿы еицызҳаз ҩыџьа аиҩызцәа рҭоурых, дара аибашьраҿы рыԥсҭазаара шьышьақәгылаз. Зхәыҷра еицызхызгоз, нас аибашьраҿы афырхаҵара аазырԥшуаз. Ҳазну амза нҵәаанӡа аҭыхрақәа цоит, анаҩс ҩажәамш ҳагоит амонтаж аҟаҵара, абжьы аҵаҵара. Аҟәа ахақәыиҭтәра амш аҽны афильм аӡыргара мҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп", — ҳәа еиҭалҳәеит Хәаџьааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.