Меркельи Путини реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп

Меркельи Путини реиԥылара аҿҳәара шьақәыргылоуп.
Sputnik

 АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. ФРГ аканцлер Ангела Меркель нанҳәа 18 рзы аиҳабыратә резиденциа Мезеберг аҿы Урыстәыла Ахада Владимир Путин длыдылкылараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Германиа аиҳабыра аофициалтә хаҭарнак Штеффен Заиберт иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

 "ФРГ аканцлер Ангела Меркель нанҳәа 18 асааҭ 18.00 рзы аиҳабыратә резиденциа Мезеберг аҿы Урыстәыла Ахада Владимир Путин длыдылкылараны дыҟоуп. Аиԥылара атема хаданы иҟалоит адәныҟатә политика актуалтә зҵаарақәа", — иҳәеит Заиберт.

 Иара иажәақәа рыла ирылацәажәар ҟалоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, Шьамтәылатәи аимак, уи аҭышәныртәалашьа, Украина аҭагылазаашьа, аенергетикатә усеицура рызҵаарақәа.