Меркельи Путини реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп

© Фотохост-агентство / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В.Путин и канцлер Германии А.Меркель
Президент РФ В.Путин и канцлер Германии А.Меркель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Меркельи Путини реиԥылара аҿҳәара шьақәыргылоуп.

 АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. ФРГ аканцлер Ангела Меркель нанҳәа 18 рзы аиҳабыратә резиденциа Мезеберг аҿы Урыстәыла Ахада Владимир Путин длыдылкылараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Германиа аиҳабыра аофициалтә хаҭарнак Штеффен Заиберт иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

 "ФРГ аканцлер Ангела Меркель нанҳәа 18 асааҭ 18.00 рзы аиҳабыратә резиденциа Мезеберг аҿы Урыстәыла Ахада Владимир Путин длыдылкылараны дыҟоуп. Аиԥылара атема хаданы иҟалоит адәныҟатә политика актуалтә зҵаарақәа", — иҳәеит Заиберт.

 Иара иажәақәа рыла ирылацәажәар ҟалоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, Шьамтәылатәи аимак, уи аҭышәныртәалашьа, Украина аҭагылазаашьа, аенергетикатә усеицура рызҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0