Аҵарауаа ргәаанагарала иааиуа ахәышықәса акыр ишоурахоит

Аҵарауаа ргәаанагарала иааиуа ахәышықәса акыр ишоурахоит. Дара ишырҳәо ала, 2100 шықәса рзы аԥхарра иахҟьаны аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыҵаркыр алшоит 351 миллионҩык европаа, есышықәса иҭахалар алшоит 152 нызқьҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 15— Sputnik. Аҵарауаа ргәаанагарала, 2100 шықәса рзы аԥхарра иахҟьаны аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыҵаркыр алшоит 351 миллионҩык европаа, есышықәса иҭахалар алшоит 152 нызқьҩык ауааԥсыра. Иааиуа ахәышықәса ракәзар ашоурақәа шыҟац иаанхоит ҳәа рҳәоит аҵарауаа-аҳауаҭҵааҩцәа. Дара рыҭҵаарақәа акьыԥхьит Nature Communications.

Аметеоролог Барцыц: Аԥсны аҳауа иџьашьахәу лабораториоуп

Флориан Севелле, Франциатәи ауниверситет Бреста аҵарауаҩи Сибрен Дрижфхоут, Нидерландиатәи Аметеорологиатә институт аҵарауаҩи иаԥырҵеит иҿыцу аҳауаҭагылазаашьа азыԥхьагәазҭо асистема.

Азыԥхьагәаҭара ҵаҵӷәыс иамоуп — уаанӡатәи ахҭысқәа рыстатистикатә дыррақәа.

Аҵарауаа ишьақәдыргылеит иара убасгьы аномалтә цәырҵрақәа аамҭа-аамҭала ишеиҭаҳәахо. Аҳауатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп 2022 шықәса рнаҩс.