"Аԥсабара убысҟак аҽеиҭнакит аҳауа зеиԥшрахо аҳәара уадаҩхеит. Ҳара ҳзышьцылаз аҳауа еиҭарсра, ҳзышьцылаз аԥсабара аҿиашьа иҟази уажәи ҳанахәаԥшуа даара иуадаҩут ашьақәыргылара, — иҳәеит Барцыц. — Аԥсабара аҽеиҭнакуеит. Амш аԥеиԥш шыҟало ишьақәҳаргылар иара адунеигьы аԥеиԥш шьақәҳаргылоит ҳәа убри аҩыза агәаанагара рымоуп аҵарауаа, — иҳәеит Барцыц. — Аԥсны аҳауа иџьашьахәу лабораториоуп уҳәар алшоит. Араҟа иҟаӡам азауад дуқәа, аԥсабара ҭышәынтәаланы, иҭынчны иҟоуп. Иааҳакәыршаны шьхоуп. Ԥсоу аганахьалагьы акырӡа ашьхақәа амшын иазлыбаауеит, Мрагыларахь алагьы аҩада ашьхақәа ҳаракуп, арахь амшын ҳаԥнуп – даара иџьашьахәу дгьыл-ҭыԥуп".
Аԥсны аҳауагәаҭаратә маҵзура аҿиара далацәажәо Леуард игәы иаланы иҳәеит игәыгәҭажьны ишыҟоу, иахәҭоу амаругақәа рыла ишеибыҭам.
"Аибашьра ҟалаанӡа жәибжь станциа аус руан, уажәы ҩба роуп иҟоу. Агәыӷра ҳамоуп, еибаҳҭеит, даҽа хә-станциак аусура иалагоит ҳәа. Урыстәала Гидрометеоцентр ҳәа иҟоуп, убарҭи ҳареи ҳаимадара иабзоураны убри аиҿкаара ҳалагеит", — иҳәеит аметеоролог.
Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра
Леуард Барцыц иахәҭоу акы акәны далацәажәеит аҳауагәаҭаратә станциақәа ашьхақәа рҿы аартра, избанзар ирацәаҩхеит аԥсшьаҩцәа уахь ихало ԥсшьара.