Арадио

Бганба: цәыббра 3 рзы Москва Арӡынба иқәыӷәӷәоз рацәаҩын

Аԥсны аҳәынҭқарратә мчрақәа иреиҳаӡоу ахеилакқәа ршәарҭадаратә маҵзура иахагылаз, аполковник Витали Бганба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьраан ҳтәыла ацхыраара азҭоз.
Sputnik
Бганба: цәыббра 3 рзы Москва Арӡынба иқәыӷәӷәоз рацәаҩын

"Цәыбрра хԥа рзы Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа зегьы еизганы аилацәажәара аныҟаз, Аԥсны алахьынҵа анырыӡбоз, убысҟан зегьы Арӡынба иаҳәара иалагеит, уақәымшаҳаҭхар ацхыраара уаҳҭаӡом ҳәа. Ҟарачы-Черқьессктәи ахада, убри зегь реиҳа Владислав Арӡынба иахь имчны дцәажәон. Уи аҽны ишыиҭахымыз аинышәаразы ақьаад инапы аныиҵеит. Иазгәасҭарц сҭахуп, аибашьраан зегь реиҳа аџьабаа збаз Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра  шакәу. Сергеи Шоигу хаҭала мчыбжьык ахь знык-ҩынтә даауан", — ҳәа игәалаиршәоит Бганба.