"Сира мшы аиашазы иазгәасҭаӡом. Уажәы ари сышықәс иубилеиуп рҳәеит, аха сара сзы ари амш иацтәи еиԥшуп, ус сықәра сазхәыцӡом. Азхәыцра уалагар уқәра, хара узцом. Адныҳәаларақәа рацәоуп асоциалтә ҳақәа рҟны. Аиаша уҳәозар, ҭабуп ҳәа аҳәара сааԥсеит", — иҳәеит дахлафуа Инал Ҳашыг.