Арадио

Џьапуа: Џьанҭоутәи ҳаԥшаахқәа алҵшәа бзиа роуеит ҳәа ҳгәы иаанагоит

Тҟәарчал Џьанҭоу аҳабла имҩаԥырго ажрақәа ртәы археологцәа рымш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьапуа.
Sputnik

"Уажәшьҭа 14 шықәсоуп Џьанҭоу аҳаблаҟны аус ҳуеижьҭеи. Иҳаԥшааз ажәытәтәи анышәынҭраҟны зқьышықәса инеиԥынкыланы ауаа ржуан. Усҟантәи аамҭазы аԥсцәа  акы илаҳәаны икнарҳауан, нас рцәеи рыбаҩи анеилыҵлак ашьҭахь, рыбаҩқәа лбааганы амцаҿы ибылны аныҳәара мҩаԥыргон. Анаҩс иҭбаау ажраҿы анышә иарҭон, уаҟа зықьҩыла ауаа жуп. Ихадоу, уаҟа инхоз ауаа зусҭцәаз, еилкаауп аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа шракәу, аха иахьынхоз рыкәша-мыкәша ҳзеилымкаакәа иҟан. Уи зыхҟьо ҳәа ҳгәы иаанаго, ашахтақәа аныҟарҵоз, аргыларақәа раан иқәҳәаны иргеит. Убри аҟынтә усҟантәи ауаа ахьынхоз ҳзымԥшаакәа иҟан. Ҵыԥх ҳаҭҵаарақәа рхыркәшамҭаз ус еиԥш ҭыԥк ҳапшааит. Уажәы ҳахьыҟоу иманшәалоуп, анхарҭа бзиа ҳбеит, усҟантәи аамҭа VIII-IX ашәышықәса инаркны ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа V-IV ашәышықәса аҵанакуеит. Сгәы иаанагоит ҳаԥшаахқәа алҵшәа бзиа роуеит ҳәа", — азгәеиҭеит Џьапуа.