Ҭырқәтәыла америкатәи атауарқәа рбаџь ҳаранакит

Аусԥҟа инақәыршәаны америкатәи атауарқәа рбаџь иацлеит: аҭаҭынаалыҵ 60%, арыжәтә 140%, автомомашьынақәа 120%, акосметика 60%, абрынџь 50%, ашәыр 20%.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Ахәаша, Америка апрезидент Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь инарго аџыри алиуминии рбаџь 20% — 50% ишьҭыххоит ҳәа. Уи иахҟьаны ҭырқәтәылатәи алира акыр икаҳаит. Ҭырқәтәыла акәзар америкатәи атауарқәа абаџь рықәырҵеит аҭакс ҳәа. Убри азы Таип Ердогана аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭа Resmi Gazete. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ҭырқәтәыла Америкатәи атехника абоикот адҟанаҵалоит

Аусԥҟа инақәыршәаны америкатәи атауарқәа рбаџь иацлеит: аҭаҭынаалыҵ 60%, арыжәтә 140%, автомомашьынақәа 120%, акосметика 60%, абрынџь 50%, ашәыр 20%.

Иазыԥхьагәаҭоуп егьырҭ атауарқәагьы рбаџь иацҵахап ҳәа.

Ахәаша, Америка апрезидент Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь инарго аџыри алиуминии рбаџь 20% — 50% ишьҭыххоит ҳәа. Уи иахҟьаны ҭырқәтәылатәи алира акыр икаҳаит.

Абри аԥхьа Ҭырқәтәыла америкатәи аелектронтә техника абоикот адҟаҵаланы, аргыларатщ маҭәахәқәагьы мап рыцәкны аҳәамҭа ҟанаҵахьан.

Реџьеп Таип Ердоган иажәақәа рыла, "атәыла иаҿагыланы аекономикатә еибашьра мҩаԥысуеит".