АҞӘА, нанҳәа 14— Sputnik. Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган уи аҭакс аҳәамҭа ҟаиҵеит Вашингтон Анкара "абӷа аҳәызба аланаҵоит" ҳәа. Иагьазгәеиҭеит арҭ асанкциақәа рҭакс Америкатәи аелектронтә тауарқәа абоикот шрыдҟаҳҵалахо ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҭырқәтәыла иаҿагыланы аекономикатә еибашьра мҩаԥысуеит. Уаанӡа асеиԥш иаартны иҟарҵомызт. Ус анакәха ҳаргьы иҳамоуп аполитикатәии, аекономикатәии позициақәа. Асанкциақәа рҭакс Америкатәи аелектронтә тауарқәа абаикот рыдҟаҳҵалоит. Дара iPhone, Samsung рымоуп аха ҳаргьы ҳтәылаҿы иҳамоуп ателефонтә марка Venüs Vestel. Уи ҳхы иаҳархәалап", — иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҭырқәтәылатәи алира акырынтә икаҳахьеит.
Акризис акыр иҵархеит Ҭырқәтәылантәи атәылахь иаларгало алиуминии, аџыри рзы абаџь ҩынтәны ишьҭаҳхуеит ҳәа Дональд Трамп аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь.