Ашьапылампыл маҷ азы ахәбатәи аиубилеитә турнир мҩаԥысит Очамчыра

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара иазкыз аицлабра сынтәа рхы аладырхәит ашьапылампыл асратә гәыԥқәа ҩынҩажәа. Ари ахраҿа иазықәԥон Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ақалақьқәа рҟынтәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа, аха агәыԥқәа реиҳарак Очамчыра араион иахаҭарнакцәан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Ахәмаррақәа мҩаԥысуан август 3 инаркны 16-нӡа, Очамчыра ақалақь иатәу ашьапылампыл асырҭатә дәмаҷқәа ԥшьба рҿы. Афиналбжатә хәмаррақәа анымҩаԥыс, инхеит ихадоу ахәмаррақәа ҩба.  Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿы еиԥылеит Гәдоуҭатәи Аӡҩыбжьатәи акомандақәа. Ари аиԥылараҿы 3:2 ҳәа гәдоуҭаа аиааира ргеит.  Афинал аҿы ахраҿа хада агаразы ихәмаруан Гагратәии Агәыӡератәии акомандақәа. Ари аиԥылараҿы 3:1 ҳәа агәыӡераа аиааира рылшеит, иагьачемпионцәахеит ахәбатәи аиубилеитә турнир.

Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

Ахԥатәи аҭыԥ иахьаԥсахаз азы Гәдоуҭатәи акоманда ианашьан 30 нызқь мааҭ аԥаратә ҳамҭа. Гаграа аҩбатәи аҭыԥ азы иранашьан 50 нызқь, агәыӡераа — 100 нызқь. Атурнир аҟны зегь раасҭа ампылқәа ҭазыршәыз ҳәа далкаан аӡҩыбжьатәи ажәылаҩ Мераб Чқәан. Иреиӷьу амбахьчаҩ — Алим Ҭаниа, "Гәдоуҭа".  Иреиӷьу ахәмарҩы — агәыӡератәи ажәылаҩ Иракли Какәбаа. Иара убас иалкаан атурнир аҿы зегь раасҭа иқәыԥшу ахәмарҩцәа ҩыџьа: Баслахәтәи акоманда ахәмарҩы Аслан Кобахьиа,  рекатәи ахәмарҩы Роман Гегечкори. Урҭ зегьы жәа нызқь рҟынӡа инаӡо аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.

Атурнир ачемпион, иреиӷьу ахәмарҩы Иракли Какәбаа иажәақәа рыла, агәыӡераа иахьатәи ркоманда еизыргеижьҭеи уамак ҵуам, аха ақәҿиара бзиақәа аадырԥшхьеит.

"Ҳара ҳкоманда ааигәа Аҟәа имҩаԥгаз Амобаил ахраҿа иаиааит. Иара убас Аԥсны ашьапылампыл асра абзиабаҩцәа рлигаҿы ҳҽаԥсаҳтәит аҩбатәи аҭыԥ. Ҳаԥхьаҟагьы алҵшәа бзақәа ҳарзыԥшуп", — иҳәеит иара.

"Иҭахаз аҵеицәа рыхьӡ анаӡаӡатәра ауп ари атурнир хықәкыла изызку. Насгьы ҳҿар еибанарбоит, еиднакылоит, аспорт агәыбылра рылаанаӡоит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп атурнир амҩаԥгараҿы ацхыраара ҳазҭаз амобилтә еимадара А-мобаил, насгьы иҳавагылаз ҳҩызцәа зегьы", — иҳәеит Очамчыратәи аҿар рцентр аиҳабы Даур Ҵәыџьба.

Иара агәыӷра ааирԥшит ҳаԥхьаҟагьы ари атурнир қәҿиарала ишымҩаԥгалахо ала.