Арадио

Допуа: Џьгьарда аихацҳа ирццакны ишьақәыргылахоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Гиви Допуа арадио Sputnik аефир аҟны иазӷәеиҭеит Џьгьарда ақыҭан аӡы иҵнаӡәӡәааз ацҳа хара имгакәа иҟаҵахоит ҳәа аиҳабыра агәыӷра шрырҭаз.
Sputnik

"Џьгьарда аӡнырцә 14 ҭӡы нхоит. Аихацҳа ҩынтә иҟарҵахьеит. Аӡхыҵра аныҟала, аҩынтә раан иаӡәӡәеит. Ацҳа ухы иузархәом, кыдқәак ықәырҵан шьапыла ииасуеит уаҟа инхо. Машьынала уиасыр ҟалоит, уажәы аӡы ыҟам. Аиҳабыра рҟны аиԥыларақәа сыман.  Излалшо ала иаарццакны ацҳа ҟаҳҵоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит Допуа.