Кабанов ишьцәа 18 шықәса ҭакрала ирықәырҵаз ахьырхәра амчра аиуит

Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи урҭ рҟынтәи аӡәы, Андреи Кабанов ишьреи аҭыԥ рыман Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан, ԥхынгәы 11, 2017 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16– Sputnik. Аишьцәа, Адгәыри Даури Џьынџьалаа ари ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа иаанкылан. Урҭ рус аӡбра азинмчра аиуит ҳәа аарыцҳаит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟынтәи нанҳәа 16 рзы.

Урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов дызшьыз рус рыӡбеит

Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи урҭ рҟынтәи аӡәы, Андреи Кабанов ишьреи аҭыԥ рыман Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан, ԥхынгәы 11 2017 шықәса рзы. Иҭахаз идагьы ара иҟан иара иԥҳәыс Наталиа Кабанова, рхәыҷқәа ҩыџьа, Николаии Наталиеи Чижиковаа, урҭ рхәыҷқәа.

Адгәыри Даури Џьынџьалаа 18 шықәса бахҭала ирхыргарц рықәырҵеит рмазара рымхны.

Аибашьра ашьҭахь атуристцәа рганахь ала ари раԥхьатәи уаҩшьроуп. Ацәгьоуцәа ирышьҭалеит адырра шааҟалаҵәҟьаз. Ахархәара аҭан Атәылахьчара аминистрра авертолиот.

Мышқәак рышьҭахь иаанкылан Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭа ауааԥсыра Адгәыри Даури Џьынџьалаа.

Ԥхынгәы 27 рзы Гәдоуҭа араион апрокуратура аишьцәа рхара шьақәыргыланы рықәҵа рықәырҵеит.