Кәырбан-ныҳәа ԥсшьарамшхоит

Кәырбан-баирам (Кәырбан-ныҳәа) – ԥсылмантә ныҳәа дууп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа идҵала Кәырбан ныҳәа амш, нанҳәа 21 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.

Кәырбан-ныҳәа адунеи атәылақәа жәпакы рҿеиԥш Аԥсынгьы иазгәарҭоит.

Иара азгәарҭоит Ураза баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵҵуаны. Аныҳәа мҩаԥысуеит хԥа-ԥшьба мшы.

Изылшоны иҟоу аԥсылманцәа аӡатә ҟаҵаны акәац шаны ауаа ирырҭоит. Абри амш аҽны анарцә иҟоу ргәаладыршәоит, рыхьӡала Аллаҳ иҳәоит.

Аныҳәа мшқәа рзы еибаҭаху ауаа еиҭанеиааиуеит.