Арадио

Адлеиба: Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла

Отаԥтәи аҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба арадио Sputnik аефир аҟны иазӷәеиҭеит сынтәа аԥсшьаҩцәа ирҭааз рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа ҩынтәны еиҵоуп ҳәа.
Sputnik
Адлеиба: Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла

"Сынтәа атуристцәа ирацәаҩны иаауеит ҳәа ҳгәыӷуан, аха иалымҵит. Аурысцәа иаауа иазгәарҭоит, сынтәа ирацәаҩны Ҟрым иаадыртыз ацҳа гәарҭарц ишцаз, аха ҳаԥыхьаҟа ҳцом, арахь ҳаауеит ҳәа азгәарҭоит. Сынтәа зықьҩык рҟынӡа роуп иҳадаҳкылахьоу, ҵыԥх уажәааны ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аахьан. Егьыс аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла", — иҳәеит Адлеиба.