Арадио

Лагәлаа: апроект "Ажәа" асоциалтә ҳа аҟынтәи ателехәаԥшрахь инаҳгар ҳҭахуп

Апроект "Ажәа" арежиссиор Беслан Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи зызку.
Sputnik

"Ари апроект уадаҩуп, избанзар аибашьра иазкуп. Аибашьра иалиааз ажәеинраалақәа аԥхьаҩ изы даара ицәгьоуп. Апроект хҩык аус адырулоит. Ажәеинраалақәа еиҳарак актиорцәа роуп иаԥхьо. Есыҽны жәеинараалак цәыраҳгоит асоциалтә ҳаҟны. Апроект анхыркәшахалак ҳгәы иҭоуп ателехәаԥшрахьы рыдгалара", — иҳәеит Лагәлаа.

Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак  нанҳәа 14 инаркны 28-нӡа апроект "Ажәа" мҩаԥнагоит. Уи шьақәгылоуп аибашьра иазку ажәеинраалақәа рыла.  Апроект арежиссиорс дыҟоуп Беслан Лагәлаа.