Дмитри Гәазаа иреиӷьыз аамҭа ааирԥшит

Урыстәыла Ахраҿазы акласс Mitjet IV аетап мҩаԥысуан Москва амҵатәи автодромқәа руак аҿы нанҳәа 19 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа Урыстәыла Ахраҿазы акласс Mitjet IV аетап аикәшарақәа ҩба рҿы иреиӷьны иҽааирԥшит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит иара хаҭала.

Дмитри Гәазаа еснагь еиԥш актәи аҭыԥ ааникылеит

"Актәи аикәшара иалахәын автомашьынақәа жәаба. Аспортсменцәа ракәзар акыр иԥышәан азы риааирагьы уадаҩын. Аҩбатәи аикәшараан исылшеит сзындаҭлоз рыгхақәа ахрархәара. Акыр сышшәозгьы аԥыжәара агара сылшеит", — иҳәеит аспортсмен.

Иара убасгьы иҳәеит сынтәатәи асезон аҿы аа-қәгыларак рҟынтәи аа-иааирак шигахьоу. Иаԥхьаҟа аҽа ҩ-етапк изыԥшуп.

Mitjet 2L иахьазы аларҵәара ду амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Америка. Иалахәуп 40 машьына. Асериа Mitjet – шьаҭаиркит афранцыз Жан-Филипп Даиро.

Урыстәыла асериа Mitjet промоутерс иамоуп аилахәыра Arctic Energy.