"Махаз сыхьӡуп" Калининградтәи акинофестиваль аԥхьахә ҷыда анашьахеит

Зметраж кьаҿу акино жәларбжьаратәи афестиваль "Короче" мҩаԥысуан Калининград, 2018 шықәса, нанҳәа 18-20 рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20– Sputnik, Лев Рыжков. Аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа иусумҭа "Махаз сыхьӡуп" Калининградтәи акинофестиваль аҿы "Арҿиаратә ӡбара ҷыдазы" аԥхьахә анашьоуп.

Акинофильм ҭыхуп аԥсуа литература аклассик Миха Лакрба иажәабжь иалхны, Георги Данелиеи Емир Кустурицеи рыстилистика еилаӡҩа шьаҭас иаҭаны.

Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

Акинофестиваль "Короче" фынтәуп Калининград имҩаԥысуеижьҭеи. Аконкурстә программеи, апрограмма ҷыдақәеи ирылахәуп х-минуҭк инаркны жәохә минуҭ рҟынӡа ирҭагӡоу, зметраж кьаҿу акинофильмқәа.

Сынтәа иреиӷьқәоу аусумҭақәа алыркаауан апродиусерцәа Игор Толстунови Сергеи Селианови зхадараҿы иҟаз ажиури. Ажиури иалахәын: актиор Владимир Вдовиченков, адраматург Евгени Гришковец, арежиссиор Алексеи Учитель уҳәа егьырҭгьы.

Ажиури ахантәаҩы Сергеи Селианов иазгәеиҭеит ирыдгалаз аусумҭақәа рхаҭабзиара шыҳаракыз. Аиааира анашьан афильм "Твою мать" (арежиссиор Викториа Рунцова).

Афильм "Махаз сыхьӡуп" афестивальқәа рҿы изныкымкәа аиааирақәа агахьеит. Убас, Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿи москватәи акинофестиваль KONIK аҿы аԥхьахәқәа анашьахахьан.

Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

2016 шықәса рзы Аԥсны акинемотографистцәа ҿарацәа рмилаҭтә еидгыла аусура иаланаргеит Миха Лакрба иновеллақәа ирылху, зметраж кьаҿу акинофильмқәа рыпроект.

Акиноальманах "7 новеллак" аҭыхра иалагеит 2017 шықәса рзы, ихыркәшахеит 2018 шықәса рзы.

Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы, акиносахьа " Махаз сыхьӡуп" ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, аԥхьахә ҷыда анашьахеит.

Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысуан мшаԥымза 2 – 6 рзы. Иара иалахәын 32 усумҭа, Аԥсны, Европа, Урыстәыла, СНГ атәылақәа, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа рҟынтәи.

Афестиваль "Короче" аҿы аԥыжәара зго ироуеит алшара зметраж ҭбаау афильм аҭыхразы. Уи азы аԥаразоужьра мҩаԥгахоит. Убас, акомедиеа "Ну, здравствуй, Оксана Соколова!" Гран-при анаиу ашьҭахь, 2018 шықәса рзы аекран ҭбаахь инагахеит.