Аҭаҭын закәаншьаҭада аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ишахыргоз иааныркылеит

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахьчаҩцәа русбарҭа аусзуҩцәеи аԥснытәи аррамаҵзурауааи нанҳәа 12 2018 шықәса рзы имҩаԥыргоз агәаҭараан аҭаҭын закәаншьаҭада аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ишахыргоз иааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аусбарҭа апресс-маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахьчаҩцәа русбарҭа аусзуҩцәеи аԥснытәи аррамаҵзурауааи нанҳәа 12 2018 шықәса рзы имҩаԥыргоз агәаҭараан аҭаҭын закәаншьаҭада аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ишахыргоз иааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аусбарҭа апресс-маҵзура.

Зқьы ҭоԥ инареиҳаны аконтрабандатә ҭаҭын аарԥшын аҳәаа иахысуаз аидарамҩангагаҿы, убри аан урҭ иарбанызаалак документк рыцмызт.

"Аҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа адыԥхьалан имҩаԥган еиҳа инарҭбааз агәаҭарақәа. "Manchester" амарка иаҵанакуа асигаретқәа 1090 ҭоԥ аарԥшын. Атауар Қырҭтәыла иахьаҵанакуа аҭира иазырхиан", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Атранспорттә хархәагеи атауари Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа ирыҭоуп, уи аԥшәма Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра идҵахоит.