Арадио

Ҷолариа: арратә ҵараиурҭақәа ирҭало аграждантә занааҭгьы роуеит

Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу арҵаратә центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Томас Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟаҩы сынтәа Урыстәыла арратә ҵараиурҭақәа ирҭалаз.
Sputnik

Урыстәыла арратә ҵараиурҭақәа ирҭалаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи арратә ҭоуба шьҭарҵеит Аҟәа, нанҳәа 20 аҽны.

"Хра злоу ахҭысқәа": Ҷолариа арратә ҵараиурҭақәа ирызкны

"Аҭыԥҳацәа фҩык ыҟоуп, арԥарцәа ракәзар 50-ҩык. Аҵарахьы иаҳашьҭуа аконтракт рнапы аҵарҩуеит, рҵара анхдыркәшалак Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны хәышықәса аус шыруа. Арратә занааҭ залырхуа адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа баны, аԥсадгьыл шыхьчатәу еилыркаауазар акәхап. Иазгәаҭатәуп, арратә занааҭ анаҩс аграждантә занааҭгьы шроуа аҵараиурҭақәа ирылго", — иҳәеит Ҷолариа.