Џьугьелиа: акурбан уи Ҳазшаз игәы иаахәо аҟаҵара, ҭабуп ҳәа иаҳәара уп
"Кәырбан- ныҳәа ныҳәаԥхьыӡ мшны иԥхьаӡоуп. Ҭоурыхла: аԥааимбар Ибраҳим Ҳазшаз дԥишәарц адырра изынаишьҭит, иҷкәын Исмаил ԥсаҭатәыс дҟаиҵарц. Ибраҳим Ҳазшаз изеицәоу шыҟаимҵо дақәгәыӷны идҵа наигӡарц иҽазикуеит. Уи збаз Ҳазшаз ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵарц иҳәоит. Ҳазшаз зегь раасҭа бзиа иибо ауаҩы иоуп, егьырҭ зегьы иара ииашаны ихы иаирхәар ауп. Ауаҩы Ҳазшаз ихьӡала ԥсаҭатәыс иҟаиҵо зегь раасҭа еиӷьу ауп иалихуа. Акәырбан уи Ҳазшаз игәы иаахәо ҟасҵоит, ҭабуп ҳәа иасҳәоит ауп иаанаго", — иҳәеит Џьугьелиа.
Сынтәа нанҳәа 21 ҳтәылаҟны ныҳәатә ԥсшьарамшуп Курбан-ныҳәа иахьақәшәаз инамаданы.