Евро акурс 78 мааҭ ахь ихалеит

Ашәахьаҽны, Москватәи абиржаҿ аҭирақәа анхацыркха инаркны евро аганахь ала амааҭ каҳауа иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik. Ашәахьаҽны, Москватәи абиржаҿ аҭирақәа анхацыркха инаркны евро аганахь ала амааҭ каҳауа иалагеит, уажәазы иара 78 мааҭ иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адоллар акурс акәзар, иахьа асааҭ 10:08 рзы 15 копеи иацлеит —67,42 мааҭ рҟынӡа инеиит, евро акурс —20 копеи ацлеит —78,05 мааҭ рахь инеиит", — ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи абиржа.

Анефть, амарка Brent иатәу ахәԥса халеит 0,67% —73,12 доллар баррельк аԥсахоит.