Евро акурс 78 мааҭ ахь ихалеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты России и Европейского Союза.
Денежные купюры и монеты России и Европейского Союза. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьаҽны, Москватәи абиржаҿ аҭирақәа анхацыркха инаркны евро аганахь ала амааҭ каҳауа иалагеит.

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik. Ашәахьаҽны, Москватәи абиржаҿ аҭирақәа анхацыркха инаркны евро аганахь ала амааҭ каҳауа иалагеит, уажәазы иара 78 мааҭ иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адоллар акурс акәзар, иахьа асааҭ 10:08 рзы 15 копеи иацлеит —67,42 мааҭ рҟынӡа инеиит, евро акурс —20 копеи ацлеит —78,05 мааҭ рахь инеиит", — ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи абиржа.

Анефть, амарка Brent иатәу ахәԥса халеит 0,67% —73,12 доллар баррельк аԥсахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0