Арадио

Ҳараниа: аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан абыб ахаҩҩы ишьҭоуп

Жәаа шықәса раԥхьа нанҳәа 22 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны аусӡбара аԥсышәала имҩаԥысит. Уи шыҟаз атәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы игәалаиршәеит уи аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс иҟаз, адукат Владимир Ҳараниа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳараниа аусӡбара аԥсышәала амҩаԥгара иазкны

"Ари ус имариоу усӡам, ус унадыххалангьы иузыҟаҵом. Сара уи аусӡбара сгәы иҭаскаанӡа азиндырратә жәар аиқәыршәара саҿын, иазысыӡбеит имаҷу аусқәа аԥсышәала рымҩаԥгара. Уи сгәы исызҭакӡомызт иара азакәан азын снамҭозҭгьы.  Аха уи аԥсуаа аӡәгьы дықәныҟәаӡомызт. Аԥхьа сҽазыҟасҵеит, зда ԥсыхәа амамыз аҿахәқәа аԥсшәахь еиҭазгеит, нас ахарадҵаратә хыркәша. Аӡбаҩцәа, аԥсшәа здыруа, аԥсышәала аӡбара иалагалар ахәҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Сара уи аус анымҩаԥызга ашьшьҭахь ауп абызшәазы азакәангьы анрыдыркыла. Уаҟа иаҳәоит аӡбарақәа аԥсшәахь ииасырц азы, аха уи азакәан абыб ахыҩҩы ишьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳараниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.