Омар Беигәаа ихьӡ зху ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә музеи аиҳабы, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа иажәеинраала кьаҿқәа еидызкылаз ашәҟәы акьыԥхь абеит. Ажәеинраалақәа реизга "Аԥсықәра мҩа" редакторс дамоуп Владимир Касланӡиа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгьиа "Аԥсықәра мҩа" иазкны
© Sputnik
"Ари астиль ахатә ҭоурых амоуп, амала аԥсуа поезиаҿы ари иҿыцу хырхарҭоуп. Исҳәар ауеит акыр сыԥшаауан, сара истәу, иҿыцу, схатә стильк сҭахын. Имариаӡам, хымԥада, аҩра иааркьаҿны, нас ахшыҩҵак агәыларшәара, аха зегь акоуп, абри иаҳа сазҿлымҳауп", — ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.