Арадио

Џьопуа: Џьанҭоутәи аԥсыжырҭа шьаҭанкыла иҭҵаауп

Тҟәарчал Џьанҭоу аҳаблаҿ ихыркәшоуп ажрақәа абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьoпуа.
Sputnik
Џьопуа: Џьанҭоутәи аԥсыжырҭа шьаҭанкыла иҭҵаауп

"Џьанҭоутәи аԥсыжырҭа, зықьҩыла ауаа ахьжыз, шьаҭанкыла иҭҵааны ҳалгеит ҳәа азуҳәар ҟалоит. Уи иаабац анышәынҭрақәа иреиԥшым, ажра дууӡа ҭбааны иҟаҵоуп. Аԥсы даныԥслак ашьҭахь акы дылаҳәаны, хыхь дҩаганы аҵлаҿы дыкнарҳауан, нас ицәеи-ибаҩи еилыҵуан, шықәсқәак ашьҭахь аԥсыбаҩқәа зегьы лбааганы, ажра ду ҟаҵаны, уи атыԥаҿ аныҳәара мҩаԥганы, нас амца еиқәҵаны ирбылуан. Аԥсыбаҩқәеи урҭ рҩычагамаҭәақәеи наганы анышә иарҭон. Уи аҩыза аԥсыжрақәа ажәаатәи ашәышықәсанӡагьы еиуеиԥшым аныҟәаҩцәа иаауаз иазгәарҭахьан, абас еиԥш аԥсуаа ҳҿы иҟаны. Аԥсуаа-адыгаа иҳамоу, иаҳзеиԥшу ак ауп", — азгәеиҭеит Џьопуа.