"Алақәа рышьразы шықәсык иазоурыжьуа аԥара, уи абжагьы азхоит алақәа ррыцқьареи, алаҵақәа рзыҟаҵареи рзы. Уи иаҳа алҵшәа аиуеит. Алақәа рыцқьазар, урҭ ирхылҵуа аласбақәагьы ҟалаӡом, анаҩс ауаагьы икарыжьуа иҟалаӡом. Аԥсны аԥыза-министр иҟаиҵаз ақәҵара анагӡара ҳалагар, ԥшәымада, хылаԥшрада ақалақь иалоу алақәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Ашьра — уи илыҵшәадоу усуп", — ҳәа азгәалҭеит Колпакчиан.