Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит ақалақь аԥшаҳәаҿы

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара жәашықәса ахыҵра иазкыз ари ацәыргақәҵа рхы аладырхәит 64-ҩык аҟазара абзиабаҩцәа.
Sputnik

ОЧАМЧЫРА, нанҳәа 24 — Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Ацәыргақәҵа иалахәын ақалақь ауааԥсыра реиԥш, араион иаҵанакуа ақыҭақәа ҩажәа рҟынтә анапҟазацәагьы. Зегьы иреиҵбыз фышықәса ихыҵуан. Ирацәан ашколхәыҷқәеи аҿарацәеи рнапкымҭақәа. Ицәырган, иара убас, зықәрахь инеихьоу анапҟазацәа русумҭақәа.

Аҿыханҵа, адекоративтә напкымҭақәа, акьанџьа ӡахқәа, аԥсуа маҭәақәа, аԥсуа гәареи аԥацхақәеи рмакетқәа, аибашьраан иҭыхыз афотосахьақәа уҳәа, ацәыргақәҵа аекспозициа кыр ибеиан.

Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа

"Ҩаӡаралеи мҽхакылеи иахьатәи ацәыргақәҵа иаҩызоу ҳара ҳраион аҿы уажәаԥхьа иҟамлаӡацызт", — иҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩ, Очамчыра аҿари аспорти рзы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа. Иара иазгәеиҭеит алахәылацәа рбаҩхатәра шыҳараку, насгьы  аҟазара аҽазкра зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ишацло. 

"Ҳара дарбанызаалак аус идулара ҳазыхиоуп", — иҳәеит иара.

Аныҳәатә программа хацыркын Аԥсны  Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ала.  Анаҩс анапҟазацәа доусы русумҭақәа ӡырыргон, ирыхцәажәон. Зықәра маҷу аҭааҩцәа рзы еиҿкаан ахәыҷтәы хәмаррақәа, иара убас аҿыханҵазы амастер класс. 

Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа

Ацәыргақәҵа иаҭааит араион ахадара, иара убас акультуратә хан аусзуҩцәа. Акультуратә ԥсҭазаараҿы хәыҷ-хәыҷы ԥхьаҟа ацара ҳаҿуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист, Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы Вианор Логуа.

"Акультура аҟәша ишҳалшо ала аҭоурыхтә рыцхәқәеи аныҳәатә мшқәеи ибжьамыжькәа иазгәаҳҭоит. Ақыҭеи ҳареи ҳаимадоуп, уаҟагьы  абаҩхатәрақәа алҳаԥшаауеит, аус рыдаҳулоит", — иҳәеит иара.

Очамчыра араион аҟазацәа рцәыргақәҵа

Актәи араионзегьтәи ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы хәылбыҽханӡа иаартын. "Сара исылшоит" ҳәа хьӡыс измоу аҿар реилазаара ахаҭарнак Маҭе Цкәитариа ахәшьара ҳаракы аиҭеит раԥхьаӡакәны имҩаԥгаз ацәыргақәҵа.

"Арҿиара знапы алаку аҿар лассы-лассы  ҳаигәныҩлар, ҳԥышәа еимаҳдалар, хымԥада еиҳа ҳаӷәӷәахоит. Иахьатәи аныҳәа иабзоураны сара исзымдыруаз аҟазацәа жәпаҩык срабадырит. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәеизыбылра еихаҳҳалар, ибзиоу алҵшәахьы ҳкылнагоит", — иҳәеит иара.