Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи авизатә режим дырԥсыҽыр рҭахуп

Ҭырқәтәыла атәылауаа рзы Урыстәыла авизатә режим аланагалеит 2015 шықәса абҵарамзазы Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә мчрақәа Урыстәылатәи абомбакажьга ҳаирплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, 24— Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи авизатә режим арԥсыҽра азҵаара иалацәажәеит иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иколлега Мевлиут Чавушоглуи иареи еицымҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳара иазгәаҳҭеит ҳганахь ала азҵаара алацәажәара ҳшазыхиоу. Рацәак хара имгакәагьы уи аус нап алаҳкуеит", — иҳәеит иара.

Ҭырқәтәыла атәылауаа рзы Урыстәыла авизатә режим аланагалеит 2015 шықәса абҵарамзазы Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә мчрақәа Урыстәылатәи абомбакажьга ҳаирплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь.