Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи авизатә режим дырԥсыҽыр рҭахуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Турции С.Лаврова и М.Чавушоглу
Встреча глав МИД РФ и Турции С.Лаврова и М.Чавушоглу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла атәылауаа рзы Урыстәыла авизатә режим аланагалеит 2015 шықәса абҵарамзазы Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә мчрақәа Урыстәылатәи абомбакажьга ҳаирплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь.

АҞӘА, 24— Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи авизатә режим арԥсыҽра азҵаара иалацәажәеит иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иколлега Мевлиут Чавушоглуи иареи еицымҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳара иазгәаҳҭеит ҳганахь ала азҵаара алацәажәара ҳшазыхиоу. Рацәак хара имгакәагьы уи аус нап алаҳкуеит", — иҳәеит иара.

Ҭырқәтәыла атәылауаа рзы Урыстәыла авизатә режим аланагалеит 2015 шықәса абҵарамзазы Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә мчрақәа Урыстәылатәи абомбакажьга ҳаирплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0