Владимир Путин аурыс-аԥсуа ҳәаа аҭагылазаашьа далацәажәеит

Нанҳəамза 24 рзы Аԥсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә ныҟәараан Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путини иареи еиԥылеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аҩ-тәылак рхадацәа реиԥылараан ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа. Арахь иаҵанакит аурыс-аԥсуа ҳәааҟны аусура аиӷьтәра азҵаара. Владимир путин аиԥылараҿы иҳәеит аҳәааҿ аҭагылазаашьа ԥхьаҟагьы аус адырулараны ишыҟоу, аҭагылазаашьагьы маҷ-маҷ ишеиӷьхо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Путин Аԥсны ашәарҭадараҿы Урыстәыла иааннакыло ароль далацәажәеит

Путин иазгәеиҭеит Ҳаџьымбеи иареи уаанӡатәи реиқәшәараан Аԥсны ахада аҳәааҿ аушьҭратә система аусура иамоу апроблемақәа дышрылацәажәаз.

"Иахьазы шәареи сареи еицгәаҳҭеит уиижьҭеи аҭагылазаашьа акыр ишеиӷьхаз. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟагьы уи ахырхарҭала ҳусура мҩаԥаагалоит ҳәа. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿ аҭыԥ змоу абиурократизм аԥыхраз ҳҽазышәарақәа еиҳагьы ирыцҵахоит", — иҳәеит иара.

Аиԥылараан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини алацәажәеит иара убасгьы ҩ-ганктәи аусеицуреи Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟа рыҿиашьеи.