"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Дамениа ахьԥшымра азхаҵара иазкны
© Sputnik
"Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара- ҭоурыхтә хҭыс дууп, Аԥсны азы мацара акәымкәа Урыстәыла азгьы. Урыстәыла азы ари даара иуадаҩыз шьаҿан. Ҳара ҳзы ари ҭоурыхтә хҭыс дуун, избанзар ҩышә шықәса инареиҳаны аҳәынҭқарра ҳцәыӡны иҟан. Алшара ҳауит ҳажәлар Аԥсны рыҿиаразы, аха алшара иацуп аҭоурыхтә ҭакԥхықәрагьы. Азхаҵара анҳау ашьҭахь иаҳуалу аныҟаҳамҵа, милаҭк аҳсабала адунеи ҳаныӡӡаар алшоит", — иҳәеит Дамениа.