Арадио

Салаҟаиаԥҳа: аимҳәаршәаазы ҳаинститут аҿы аус здаҳуло алаҵа алҵшәа бзиақәа амоуп

Аҟәа НИИЕПит аҿы ицо аҭҵаарадырратә усура атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аинститут аусзуҩ Альдона Салаҟаиԥҳа.
Sputnik
Салаҟаиаԥҳа: аимҳәаршәаазы ҳаинститут аҿы аус здаҳуло алаҵа алҵшәа бзиақәа амоуп

"Аашықәса ҳаинститут аҿы аҭҵаара иаҿуп, алҵшәа бзиагьы амоуп, аҿкы чамазара — аимҳәаршәаазы алаҵа. Москватәи Гамалеи ихьӡ зху аинститут аусзуҩцәеи ҳареи ари алаҵа аҟаҵаразы аус адааулоит, аха ҳара ҳбазаҿы ауп иахьыҟаҳҵо. Избанзар, ҳнаукатә база ӷәӷәоуп, ҳмаамынқәагьы ргәабзиара бзиоуп, аԥышәарақәа рхыргартә еиԥш алшара рымоуп. Ҳмаамынқәа рҟны имҩаԥыргоз аԥышәара убысҟак ибзиахеит, Москва ирышьҭыз алҵшәақәа, иахьа ауаа апробациа азыруеит. Ари аҭҵаарадырра адунеи аҿы мацара ауп иахьырдыруа, ауаажәларра макьана ирылаҳмарҵәацт, абысҟак акыр зҵазкуа аус ҳшаҿу",  — ҳәа азгәалҭеит Салаҟаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.