"Коӷониаԥҳа лымҩаду":Табагәуа ахьԥшымра азхаҵара иазкны
© Sputnik
"Аибашьра ҳаналҵ ашьҭахь, агәаанагары сыман шықәсык ала ҳхьыԥшымра аҳәынҭқаррақәа зегьы иазхарҵоит ҳәа. Аха сгәы сажьозаарын, адунеи жәлар рполитикаҟны уи аҩыза залыршамхеит. Уи акәым еидгыланы ООН иалаз аҳәынҭқаррақәа Қырҭтәыла ҳаларҵарц иаҿын. Иахьатәи аамҭазы ас еиԥш аҳәынҭқарра ду аҟынтәи азхаҵара иҳауз издыукыло ҳәа акгьы ыҟам. Сгәаанагарала иҳауз закәу макьана иаҳзеилымкаацт", — иҳәеит Табагәуа.