Ҷаниа Ахьыԥшымра азхаҵара иазкны: жәытә-натә аахыс ҳзызхәыцуаз ҟалеит
© Sputnik
"Ари ақәҵара даара акраҵанакуеит ҳара ҳабзазараҿы. Аԥсуаа жәытә-натә аахыс изызхәыцуаз, ҭынч ҳанхандаз, ҳара ҳусқәа ҳхала иҳаӡбондаз ҳәа ҳҳәо иҟалеит. Ажәлар зегьы рзы иныҳәан ари азхаҵара. Усҟан Сергеи Багаԥшь даҳәеит Қырҭтәылантә уаҳа шәарҭарак ҟамларц, ҳҳәаақәа дырӷәӷәарц. Иалше азхаҵара ҳәа ҳҵаауазар, иалшаз даара ирацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, ашәарҭадара аганахь ала", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷаниа.