Дамениа: аимпериа ду ҳәынҭқарра хәыҷык ахыԥшымра азхаҵара, иуникалтәу хҭысуп
© Sputnik
"Урыстәыла Аԥсны аназханаҵоз иаанарԥшит иуникалтәу ахҭыс. Урыстәыла Империоуп, иара ацәгьара иаԥсадгьылуп ҳәа акәын Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ишырыԥхьаӡоз. Азхаҵарала ахҭыс ала Урыстәыла иаанарԥшит даҽа ҟазшьак. Ҳәарада, ауаҩы ицхраатәуп, аха изыцхыраауагьы ихы дахәароуп. Ацхыраарала зхы ныҟәызго амҩа шәарҭа дануп", — ҳәа азгәеиҭеит Дамениа.