Арадио

Надараиа: Аԥсны азхарҵацыԥхьаӡа аҭакԥхықәрагьы еиҳа еиҳахоит

Аҳәынҭқарра аргылара имариоу усым, аха ахьыԥшымра анҳау нахыс уи ихымԥадатәиу акоуп ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа.
Sputnik

"Ҳазхарҵацыԥхьаӡа аҭакԥхықәрагьы еиҳа еиҳахоит. Урыстәылеи Аԥсныи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа аҵак ду рымоуп.  Хымԥада, имариам ҳәынҭқаррак аҳасабала, аҭақԥхықәра ахахьы агара, ҳагьашьцылам уи, ҳажәлар рҿаԥхьа ада аӡәгьы иҿаԥхьа аҭакԥхықәра ҳадмызт. Ҳәынҭқарраҵас ҳаргьы ҳаҩаӡара ҳҩахароуп. Аҳәынҭқарра аргылара ҳҭахызар, уи аԥҟаррақәа ҳрықәныҟәар ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.