Арадио

Аб Никита: ацәашьы шылашо еиԥш дыҟазароуп ақьырсиангьы

Аиереи аб Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аныҳәа лаша Нанҳәа.
Sputnik

"Ацқьа Мариа дымԥсӡеит уҳәар ҟалоит, лылацәақәа еиқәылԥсеит наунагӡа жәҩангәашәԥхьара дцарц. Нанҳәа амза иалагӡаны ҩынтә ашәыр рыԥшьоит. Нанҳәазы иргәаладыршәоит Анцәа иан лцәагьы-лыжьгьы жәҩангәашәԥхьара ишгаз, лара адунеи зегьы иқәынхо дрануп ҳәа иԥхьаӡоуп. Исгәалашәоит, саныхәыҷыз сан ари аҽны аишәа лыргылон, хаз ҷыдала ларгьы лхәы ықәлыргылон. Аԥсуаа иҟарҵо аҵакы амоуп, акыр шықәса иаарго ауп. Иаса Қьырсагьы аџьар данкыдырҵа, иҵаҩцәа ауха акранырфоз, ихьӡала часак ықәырҵеит. Ари аҽны Ҳазшаз иҭабуп ҳәа иарҳәоит, имҵахырхәоит, иҳәоит. Ауахәамаҟны ауаа ацәацьқьа рбылуеит. Ацәашьы анадырклак илашаны ишыҟоу еиԥш, ақьырсиангьы убас дыҟазароуп, ихазы мацара адунеи дықәымзароуп", — иҳәеит аԥшьаҩы.