Бразилиа Ахада Мишел Темер Венесуела аҳәаахь ар наишьҭит

Бразилиа Ахада Мишел Темер итәылауаа ирзеиҭеиҳәеит ар Венесуела аҳәаахь рынашьҭра мзызны иамоу.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. Бразилиа Венесуела аҳәаахь ар нанашьҭит. Бразилиа Ахада Мишел Темер итәылауаа ирзеиҭеиҳәеит ар Венесуела аҳәаахь, аштат Рораима ашҟа рынашьҭра мзызны иамоу. Уи венесуэлатәи амигрантцәа аҳәааҿ хыԥхьаӡара рацәала рыҟазаароуп ҳәа аҳәоит РИА Новости.

Венесуела абылтәы ахәԥса ҭышәнартәалоит

"Иахьа адҵа ҟасҵеит арратә мчрақәа аҳәааҿ рыррацәаразы. Уи мзызс иамоу венесуэлатәи амигрантцәа аҳәааҿ хыԥхьаӡара рацәала рыҟазаароуп", — иҳәеит Темер.

Венесуела ауааԥсыра атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ иацәыбналаны Бразилиа еиԥш егьырҭ латынтәи Америка атәылақәа рахь рхы дырхоит.

Лаҵарамза алагамҭаз амиграциаз Жәларбжьаратәи аиҿкаара аҳәамҭа ҟанаҵеит 2015-2017 шықәсқәа рзы Венесуелантәи амигрантцәа рхыԥхьаӡара 10 рыла еиҳахеит ҳәа.

2015 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара иартәон 89 нызқьҩык, 2017 шықәса рзы 900 нызқьҩык рҟынӡа ихалеит.