Венесуела абылтәы ахәԥса ҭышәнартәалоит

© Fotolia / PhonlamaiphotoБензин
Бензин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела адунеи аҟны зегь раасҭа абензин ахә ахьмаҷу тәыланы иҟоуп. Ара литрак абензин ахәԥса ф-боливарк иаԥсоуп.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Венесуела апрезидент Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит абылтәы аконтрабанда аанкыларазы ареспублика абензин аџьырмыкьатә хәыԥсахьы ииагахоит ҳәа асубсидиа иашақәа ралагаларала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ареспублика ауаажәлари ауаажәларратә транспорти рзы асубсидиақәа рсистема шьақәыргылахоит, аха ахәԥса жәларбжьаратәи ахәԥса еиԥшзароуп. Ишиашоу асубсидиақәа рыҭахоит автомашьынақәа, ашхәақәа, автобусқәа, аидарамҩангагақәа змоу ахаҿқәа, аҭаацәарақәа", — иҳәеит Мадуро аҳәынҭқарратә телехәаԥшрала дықәгыло.

Аконтрабанда иахҟьаны атәыла иаиуз ацәыӡқәа Мадуро шықәсык 18 миллиард доллар дыртәоит иҳәеит.

Уажәы Венесуела имҩаԥысуеит автотранспорттә хархәагақәа ашәҟәы рҭаҩра. Уи иарманшәалоит асубсидиақәа рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0