Арадио

Џьынџьиа: Ҭхьынатәи абжьаратә школаҿ аргыларақәа цоит ҩнапыкала

Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Џьынџьиа: Ҭхьынатәи абжьаратә школаҿ аргыларақәа цоит ҩнапыкала

"Очамчыра араионаҿ иҟоу ашколқәа аҿыцқәа алаҳамҵозар- Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь актәи ашкол, Акәаскьа, егьырҭ зегьы аиҭашьақәыргылара зҭаху роуп. Жәашықәса рахь знык иналак-аалакны иҟоуҵо, уи ала ашкол аҭахрақәа зегьы узынагӡом. Иахьазы аргыларатә усурақәа цоит Ҭхьынатәи абжьаратә школаҿ, уаҟа аусурақәа ирҿуп цоит ҩнапыкала. 2019 шықәса рзы ахархәарахь ирыҭахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьиа.