Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ хышәҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа 40 ак атехника алархәны абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа рыцхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа". Абри атәы ааицҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

"Мчыбжьык иназынаԥшуа, аполигон Ҵабал аҟны Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа СБР-5, ЛПР-2 рыцхыраарала. Ҷыдала азхьаԥшра арҭон еиҭарго, ановигациатә система "Глонасс" ала еиқәыршәоу акомплекс "Стрелец" ахархәара", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аруаа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь хышәҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи ҩынҩажәа цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", "Стрелец". Иара убасгьы акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг".

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мчыбжьык иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа.