Арадио

Ҳаџьымба аԥсуа бызшәазы: зегьы ирҵартә еиԥш хәҭа-хәҭала ҳазнеироуп

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциаҟны аԥсуа бызшәа азҵаара далацәажәо иазгәеиҭеит иахьатәи алшарақәа ҳасаб рзуны, уи дырҵаразы адҵақәа хәҭа-хәҭала инагӡатәуп ҳәа.
Sputnik
Ҳаџьымба аԥсуа бызшәазы: зегьы ирҵартә еиԥш хәҭа-хәҭала ҳазнеироуп

"Аҳәынҭқарратә бызшәа иазку азҵаарақәа рыцныҟәара ҳаҿуп, хар ҳамам ҳәа сыԥхьаӡоит. Иахьа ашколқәа рзы иҭрыжьуа ашәҟәқәа иара аԥсуа бызшәа аизырҳара аусура иазку аума иҵегьы афинанстә цхыраара, адгылара рҭахуп. Уахыки-ҽнаки рыла зегь ҳзыԥсахуам, аха зны-зынла ианхаҳарҟьацәо ыҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсуа бызшәа зегь ирҵартә еиԥш, ҳәҭа-хәҭала ҳазнеиртә аҭагылазаашьа аԥаҳҵалароуп. Апарламент аҟны аԥсышәала ацәажәара иалагахьан, аха уаагьы иаҟәыҵит, аԥыза-министр иҟны иналаршә-ааларшәны ицәажәоит. Ҳфинанстә ҭагылазаашьа зегь алнамыршозар ҟалап, аха иҳамоу ахәыҷы ҳацныҟәартә еиԥш иҟаҳҵароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.