Арадио

Кьычԥҳа: хабарда ибжьаӡыз рыԥшаараҟны аполитика зынӡа иҟамлароуп

"Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа" рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит хабарда ибжьаӡыз рызҵаара аполитика ишадҳәалам. Нанҳәа 30-хабарда ибжьаӡыз ирымшуп.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кьычԥҳа хабарда ибжьаӡыз ирызкны

"Қырҭтәылеи ҳареи ари азҵаараҟны ҳаимадазар акәын. Аибашьра ашьҭахь уи алацәажәара уадаҩын, иахьагьы ҳаизыҟазаашьа ҳадаҳкылом. Аха анацәа ус ҳҳәеит ари азҵаараҟны аполитика зынӡаск иҟамлароуп, агәыразратә акциа ауп. Ан лхьаа — зегьы еицырзеиԥшу хьаауп. Аԥсуаа ианакәызаалак агәыразра шьаҭас иҟаҵаны ҳрыцҳаибашьон. Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь ари азҵаара даара иахаҵгылеит. 2010 шықәса раахыижьҭеи иалагеит аус хабарда ибжьаӡыз рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы. 2013 шықәсазы Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны анышә иамадоу рахьынтә ааҩык рхаҭара шьақәыргылан. Иахьазы 42-ҩык рхаҭара шьақәдыргылахьеит", — лҳәеит Кьычԥҳа.