Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа "аӷа" аҳауаҟынтә ижәлан

Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ аинрал-полковник Александр Дворников идҵала аокруг азеиԥш ар ркомандаҟаҵара имҩаԥыргоит ҩ-ганктәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа нанҳәа 15 инаркны цәыббра 20 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. "Аӷа" имшынтә десант амшын аӡхыҵра аԥдырҟәҟәааит Аладатәи арратә округ аҳаирпланқәа ҩеижәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, арратә округ апресс-маҵзура анапхгаҩы Вадим Астафиев иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

"Аӷа" имшынтә десант амшын аӡхыҵра аԥдырҟәҟәааит Аладатәи арратә округ аҳаирпланқәа ҩеижәа. Дара аракета-бомбатә жәылара мҩаԥыргеит "аӷа" иқәкны" — иҳәеит иара.

Астафиев иазгәеиҭеит аҳаирпланқәа Су-30, Су-27СМ, Су-25 рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аплантә тактикатә азеиԥш-артә ҵара ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа.

"Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа раан ААО авиациа амшын десант аӡхыҵра аԥнарҟәҟәааит, уи хыԥхьаӡарала акыр ишырацәазгьы", — иҳәеит апресс-маҵзура анапхгаҩы.

Авиациатә жәылара анапхгара анаҭон аԥшыхәратәи аимадаратәи комплексқәа "Стрелец-ВР" рхархәара.

"Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ аинрал-полковник Александр Дворников идҵа инақәыршәаны авиациа амчқәа рхархәара напхгара аҭара алагалоуп амотохысратәии атанктәии архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа разыҟаҵара асистемахьгьы", — ҳәа иҳәоит Астафиев.